Ҳаҭыр зқәу Мираб Борис-иԥа! Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арратә Мчрақәа реилазаара рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит 60-шықәса шәхыҵра аиубилеитә мышныҳәа! Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, ауаажәларра рҿы ҳаҭыр-пату зқәу, аҟазара ҳарак змоу апрофессионал, ҳаҭыр зқәу Мираб Борис-иԥа, акыр шықәса ҵуеит шәара шәымч-шәылша, шәдырра Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчареи, аҿиареи, аизҳареи ирызкуижьҭеи. Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа Аԥсадгьыл амаҵ азура иаҿырԥшыганы иҟоуп. Абри азанааҭ аҟны шәусура иаҵанакуа аамҭақәа рзы шәхы аашәырԥшит аҭакԥхықәра иацәымшәо, аҳәынҭқарратә ҵакы змоу азҵаара дуқәа хра рыманы рыӡбра зылшо напхгаҩны. Шәара шәусура шаҳаҭра ауеит…