Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш! Абҵарамза 6, 1978 шықәса – ҭоурыхтә рыцхәуп Аԥсни аԥсуа жәлари рзы. Аҧсуа телехәаҧшра аира, ашьақәгылара иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи рзы ҳажәлари ҳинтеллигенциеи хацәынмырха ргылара. Уи ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалнаршаз аус дуқәа ируакуп. Ателехәаԥшреи арадиои рҿы аусуразы иаҭахуп агәацԥыҳәара, аҭакԥхықәра ду аарԥшра, аус азҟазара. Есҽны, ԥсшьареи ныҳәамши неилымхкәа, ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа ҳтәылеи адунеи зегь аҟни имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳажәлар ирызнаргоит. Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои ажәабжьқәеи егьырҭ адырраҭарақәеи ҳҳәынҭқарраҟны мацара акәымкәа, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәагьы ирдырыртә аҭагылазаашьа рырҭоит. Аԥсуа…