Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 27 сентября 2022 15:31

Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш 29 шықәса ахыҵит

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа 1992-1993 шш. раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәаладыршәеит.

Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш аҽны Аҟәа,  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Рмемориал аҿаԥхьа  ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа  ргәаладыршәарц арахь иааиит ареспублика анапхгара, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭахцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Прочитано 218 раз Последнее изменение Вторник, 27 сентября 2022 15:34