Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 30 сентября 2022 14:21

Аиааира амш!

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа! Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Ҳаҭыр зқәу асасцәа!

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны иқәынхо, милаҭрацәала еилоу ҳажәлар, Аԥсны арбџьар мчқәа рыруаа, ҳаиашьаратә жәларқәа, аҳәаанырцә иҟоу хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора иазгәарҭоит игәырӷьахәу амшныҳәа – 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз аиааира Амш.

29 шықәса ҵуеит, 1993 шықәса цәыббрамзазы хьӡи-ԥшеи згым ҳаибашьцәа гәымшәақәа Егры аӡиас аҿы иҟоу аҳәынҭқарратә ҳәаа иахашәыршәыруа  Аиааира абираҟ ԥшьа ахадыргылеижьҭеи.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа, асасцәа, гәыкала ишәыдысныҳәалоит жәлары зегьы еицырзеиԥшу ари аныҳәа ду.

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ, аизҳазыӷьара. Зегьы ирыцкны илашазааит уаҵәтәи шәымш, ицқьазааит шәыжәҩан!

Ныҳәамш! Аиааира амш шәагмыз!

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 314 раз