Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшар ркомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа «Амотошьаҟарҟәшақәа аибашьраҿ рхархәара» азанааҭ ала хәыда-ԥсада аҵараҵаразы абитуриентцәа аднакылоит. Аграждантә занааҭ – «Аусзуҩцәа напхгара рыҭаразы аменеџьер». Аҵараамҭа – 4 шықәса. Аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа «алеитинант» ичын ранашьахоит. Аусшәҟәқәа рыдыркылоит 2025 шықәса рашәара 25 рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә комиссариатқәа рҿы (арзаҳал назышьҭуа дахьынхо аҭыԥ иахьаҵанакуала). Адҵааларақәа рзы аҭел: 8 (840) 229 77 34.