Ҳаҭыр зқәу Анатоли Ианкәа-иԥа! Аԥсуаа еснагь ибзианы ирдыруан ажәа алшара ду. Пату рзиқәын уи аҽыццышә еиԥш изырхәмаруаз, аӷәра аҿакра ма ахы иақәиҭны аужьра зылшоз. Иахьагьы уи абзиабара ашәышықәсақәеи азқьышықәсақәеи ирылыхәхәа ршьа-рда ишалоу иаанханы иҟоуп. Уи ус шакәу азы шаҳаҭра ауеит, хаҭала, уара, Анатоли Ианкәа-иԥа ԥсабарала иуаҭәашьоу ажәа азҟазара ду. Агәра згоит дшыҟам аԥсыуак – ауаҩытәыҩса анцәа илеиҵаз ицәгьареи ибзиареи раарԥшра зылшо, угәаҵа аҟынтәи ауаҩра амҩа ҭбаа азҭо уажәеинраала ссирқәа, абзиабара, апатриотизмра, афиласофиа ҵаула рыла иҭәу упроза ирмыԥхьац. Ажәа азҟазара –…