Ҳаҭыр зқәу Лев Константин-иҧа! Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аҧсны Аҳәынҭқарра арратә мчрақәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара ҳахьӡала шәареи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа - аиқәырхаҩцәа, амцарцәаҩцәа, амаҵзура ҷыда аветеранцәа шәзаанаҭтә ныҳәа шәыдаҳныҳәалоит! Аиқәырхаҩ иус уадаҩуп, иҧсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит, аморалтә зыҟаҵара ду аҭахуп. Шәара шәзаанаҭ алызхуа реиҳа агәыӷәӷәа зызҭоу, зус бзиа избо роуп.