Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи гәалсра дула ҳшәыдашшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьартә мчқәеи рветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьаз, бџьарла аиҿкаареи атехникеи рганахь ала Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз, аполковник ԥхьатәа Аслан Қыбеи-иԥа Ҭарба иуацәеи иҭынхацәеи. Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа, аррамаҵзура ицахысуаз, иҩызцәа гәыхьра дула ирыдыркылеит ираҳаз ашәаџь бааԥс. Аслан Қыбеи-иԥа дыздыруаз зегьы иазгәарҭоит иԥсадгьыл, изааигәаз, изгәакьаз, аԥсҭазааратә мҩа иԥнагалаз дарбанызаалак, ацәгьеи абзиеи зыцеиҩишоз рахь иааирԥшуаз абзиабара ду. Ицеибашьуаз роума, аррамаҵзураҿы ивагылаз роума…