Ҳаҭыр зқәу Алексеи Аркади-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчрақәа рыррамаҵзурауааи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара Амш! Абри амш азы урыстәылаа агәадура ду азаадырԥшуеит ҭоурыхла, культурала ибеиоу, милаҭрацәала ажәларқәа еидызкыло, зҵакыра ҭбаау рыԥсадгьыл. Дарбанызаалак атәылауаҩ иқәҿиара, иџьа – еидыркылоит атәыла аҩаӡара, регион-цыԥхьаӡа ирымоуп рхатә беиарақәа, инхоит-инҵуеит атәыла ауаажәларра. Абарҭ зегьы идырҿиоит иаку аҳәынҭқарра хьӡырҳәага. Абри амш лашазы, ҳаҭыр зқәу Алексеи Аркади-иԥа, азин сышәҭ хаҭала шәареи Урыстәыла ауаажәларреи ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара зҩыда, аманшәалара, ақәҿиарақәа, аҭынчра, аизҳазыӷьара!…