Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 12 декабря 2023 23:05

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Ануа В. И. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра 100 шықәса ахыҵра амшныҳәа инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы рзынеишьҭит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра,

аминистр И. С. Габлиа,  аминистрра аилазаара

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра анапхгареи аилазаареи ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә!

Аиубилеи – ари еснагь аҭоурыхтә мҩа, аусуратә еихьӡарақәа, ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа аазырԥшуа хҭысуп.

100 шықәса ирҭаӡоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа, ақәҿиарақәа, ауадаҩрақәа, аихьӡарақәа. 1921 шықәса рзы иаԥҵаз ари аусбарҭа хықәкы хаданы иаман Аԥсны аҵаралашарахь акылгара. Иахьагьы ихықәкы хаданы иҟоу  аҿар реизҳазыӷьароуп, рдыррақәа реизырҳароуп, адунеитә еилазаара рыгәҭа  ҳҿар, ҳауаажәлар, ҳмилаҭ аӷьараҳәа, адырра ҵауылақәа аарԥшуа ирылагылартә аҟаҵароуп.

Аҵарадырра бзиа иарбанызаалак аҳәынҭқарра ҵаҵӷәыс иамоуп.

Агәахәара ду уоуеит шәара иахьа шәнапы иану аҵакы бзиаӡаны еилкаауа иалшо зегь ахьыҟашәҵо абри аус аиҵыхразы.

Гәык-ԥсык ала зеиӷьашьараны иҟасҵоит ԥхьаҟагьы еихашәҳаларц атрадициа шьахәқәа – арҵаратә культуреи апрофессионалтә ҩаӡара ҳараки.

Инаӡааит иреиӷьӡоу шәхықәкқәа, шәҭахрақәа.

Иҭынчзааит Аԥсны ажәҩан.

Имыӡааит шәџьабаа.

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 96 раз Последнее изменение Вторник, 12 декабря 2023 23:06