Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 15 марта 2022 11:17

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу, А. Н. Гогәуа

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәымшира.

Иналукааша апублицист, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылацәа ируаӡәку шәара, аԥсуа литературеиԥш адунеитә литературагьы шәырҭбааит, ишәырбеиеит рҿиамҭа ссирла, хшыҩҵак дула. Шәыԥсадгьыл гәыла-ԥсыла бзиа ибо, азқьышықәсақәа ирылыхәхәа иахьанӡагьы иааӡаз аԥсуа ажәа ссир аиқәырхара шәазыҳаҵҳаҵо, ажәлар ркультуратәи рдоуҳатәи беиара еихаҳауа Анцәа ду шәҳаҭәеишьаны шәҳалагылоуп.

Шәдырра, шәхы-шәыхшыҩ, ауаҩытәыҩса ишҟа аҳаҭыр аарԥшра, аду инаиркны ахәыҷы иҟынӡа шәхы анагара – аҭактә бзиабара ду цәырнагоит. «Ажәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом…» ҳәа шәҩыза апоет ду ианиҳәоз, ила ихгылаз шәара шәеиԥш иҟоу ауаа хатәрақәа шракәыз ҩашьом.

Аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара, рдоуҳатә беиара ауаажәларратә ԥсҭазаара ианыруа аҟаҵара ахьшәылшо – хәызмам мазароуп еиҵагыло абиԥарақәа рзы.

Шәыԥсадгьыли шәыжәлари ахәшьара ду арҭоит шәџьабаа.

Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара зҩыда, арҿиаратә лшамҭа дуқәа, ашықәс рацәа. Аныҳәаҩ ихы здикыларц дзыҳәо аҭаацәара ссир шәымоуп. Шәыхшара, урҭ рыхшара – Аԥсны иаҵәатәы шьаҟаны иҟоу аҿар иреиуоуп. Акраамҭа аԥсуа жәлар шәҟәышра ду рыгымхааит.

 

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 324 раз Последнее изменение Вторник, 15 марта 2022 11:18