Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ишәыдаҳныҳәалоит шәымшира!
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы шәыжәлар рыгәҭа шәгыланы, фырхаҵарыла Аԥсадгьыл шәыхьчон. Аибашьра ашьҭахь, Аԥсны Арра-ҳаиртә мчрақәа ркомандаҟаҵаҩ иҳасаб ала, анаҩс Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳасаб ала, шәара шәыдгьыли шәыжәлари рымаҵ аура гәыла-ԥсыла шәазыҟан. Иахьагьы, шәара, Аԥсны аҳаиртә мчрақәа рыҿиаразы, хра злоу азҵаарақәа ӡбо, иалшо зегь ҟашәҵоит.
Шәыпрофессионализм ҳарак, шәдырра ҭбаа, аусуреиҿкаараҿ шәҟыбаҩ ҷыда ҳаҭыр-пату ақәуп, иҿырԥшыгоуп дарбанызаалак атәылауаҩ изы. Аҳәынҭқарра астратегиатә интересқәа рыхьчара аус аҿы шәпозициа шәоуп-изоуп, инарҵауыланы иазхәыцуп. Асеиԥштәи шәҟазшьа ҷыда аминистрра анапхгара, афицартә корпус, арратә еилазаара ахәшьара ҳарак арҭоит.
Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак, хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа – шәыԥсадгьыл Аԥсны аҿаԥхьа шәуалԥшьа анагӡашьа азхарҵоит.
Агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟагьы арратә традициақәа ирыцҵо, еиҵагыло аԥсадгьыл ахьчаҩцәа шәдырра ҵаулеи шәԥышәа ҭбааи шрымажәдало.
Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа, акрызҵазкуаны иҟоу абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ажәҩан цқьа, аҭынч ԥсҭазаара, Аԥсадгьыли ажәлари рымаҵ аураҿы ақәҿиара дуқәа.
Ҳаҭырла,
Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа