Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 14 марта 2022 13:51

1992-19993 шш. раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, аинрал-маиор З. В. Нанба

Ҳаҭыр зқәу Заканбеи Владимир-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ишәыдаҳныҳәалоит шәымшира!

Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа, шәџьынџь-ԥсадгьыл амаҵ ауразы ааԥсарак аҟамҵара – ҿырԥш дуны иҟоуп дарбанызаалак атәыла ауаҩԥсы изы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы шәыжәлар рыгәҭа шәгыланы, фырхаҵарыла  Аԥсадгьыл шәыхьчон. Аибашьра ашьҭахьгьы ааԥсарак ҟамҵакәа, хеигӡарак мукәа шәыжәлар рымаҵ жәуан.

 Ҳара шәеицаадыруеит аԥышәа ду змоу, азанааҭтә дырра ҵауылақәа змоу уаҩԥсык, командаҟаҵаҩык иҳасаб ала. Шәара иахьагьы имҩаԥыжәгоит Аԥсны афицартә корпус абиԥара еиҳабыра рытрадициақәа, урҭ аԥсҭазаара иалашәырҵәоит.

Ҟазшьа ҷыданы ишәымоу шәыламыс ацқьара, активла аԥсҭазаара аҽалархәра, ауаа гәаартыла рызнеира –аминистрра анапхгара, афицартә корпус, арратә еилазаара ахәшьара ҳарак арҭоит.

Хыԥхьаӡара рацәала ишәанашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа – шәыԥсадгьыл Аԥсны аҿаԥхьа шәуалԥшьа анагӡашьа азхарҵоит.

Абри акрызҵазкуаны иҟоу амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Заканбеи Владимир-иԥа,  ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәыцқьара, аҭынч ԥсҭазаара, анасыԥ лаша, Аԥсадгьыли ажәлари рымаҵ ауразы ақәҿиара дуқәа, шәыжәҩахыр змажәдаша аҩызцәа бзиақәа!

 

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 283 раз Последнее изменение Понедельник, 14 марта 2022 13:56