67 шықәса ҵит аҵарауаҩ, аибашьҩы, акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра афырхаҵа– Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи. Мушьни Хәарцкьиа иналукааша, зеиԥш дмаҷыз уаҩын. Дыздыруаз зегьы еицҿакны ирҳәоит иара аԥсҭазаараҿы имариаз амҩақәа дышрышьҭамыз, аиашара иара изы аҳра шауаз. Даныхәыҷыз аахыс илааӡан аџьа, Аԥсадгьыл, ауа-аҭахы, аҩыза-ақәла, иааикәыршаны иҟаз, дызлагылаз рахь агәыҭбаара, абзиабара. Иара илшон агәырӷьарагьы агәырҩагьы уцеиҩшара. Аибашьра иалагаанӡагьы Мушьни Хумса-иԥа активла далахәын аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, дазыхиан иаҭахханы иҟалар иԥсадгьыл ихы ақәҵара. 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Мушьни иҩызцәа драԥхьагыланы Ацҳа ҟаԥшь аҿы абџьар…