Владислав Григори-иԥа Арӡынба – иналукааша аполитик, аҟыбаҩ ҷыда змаз аҵарауаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада.
Ҳара зегьы ибзианы иаҳгәалашәоит 1992 шықәса нанҳәа 14 аҽны Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аԥсуа телехәаԥшрала ақырҭуа агрессор иҿагылара аиҿкааразы Аԥсны ажәлар рахь иҟаиҵаз ааԥхьара. Иаҳгәалашәоит уи ҳагәқәа реисра шарццакыз, ажәа-цыԥхьаӡа ацыха-ӡыхь еиԥш ишаҳзыҟалаз.
Макьанагьы ҳгәалашәара иазынханы иҟоуп ҳажәлар рзы ирыцҳараз урҭ ахҭысқәа.
Ҳара иаҳнырит ақырҭуа мпыҵахалаҩ игәымбылџьбарара – ауаҩшьрақәа, аргәаҟрақәа, милаҭ ҟазшьала ауаа реиҟәшара, арҳәрақәа.
Ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы, аԥсреи анхареи рҳәаа ҳанхықәгылаз, ареспублика ахьчараз аҭакԥхықәра адлеит Владислав Григори-иԥа зхадараҿы дгылаз Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа раԥҵаразы аусӡбара мҩаԥысуан иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаан, аҭакԥхықәра ду аман. Уи аӡбамҭа адкылара Аԥсны аиҳабыра ракәын знапы ианыз.
Аԥсуа ар рзы игәаларшәагоу мшны иҟалеит 1992 шықәса, жьҭаара 11. Абри амш азы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак Апрезидиум Аусԥҟа ҭнажьит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы. Ари арыцхә официалла Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа, Аԥсуа ар раԥҵара Амш ҳәа иԥхьаӡоуп.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба зхадараҿы дгылаз ар ргәашьамх шьҭыҵит. Еиҿкаахеит анапхгараҭаратә усбарҭақәа реилазаара, иаԥҵахеит еиуеиԥшым ар-хкқәа, арратә ҟәша ҷыдақәа, Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи русбарҭақәа.
Аԥсуа аруаа фырхаҵарыла Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтқәа рҿы еибашьуан. Ирацәаӡоуп аӷа иҿагыланы гәымшәарыла аибашьра аҿырԥштәқәа.
Иҟалом ицәыӡдоу аибашьра. Ҳара ҳаибашьра ԥшьаҿгьы иҭахон ауаа: аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа, аибашьцәа. Аԥсадгьыл иацәыӡуан иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи.
Ҳара зегьы ҳгәалашәараҿы иаанхеит Владислав Григори-иԥа ажәала аибашьцәа ргәашьамх анирҵаруаз, зыхшара дызцәыӡыз анацәа рыбла аҭаԥшра, зхы зыкәаҽыз рхы ашьҭыхра шилиршоз.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба – иналукааша уаҩын, ХХ ашәышықәсаз аҳәынҭқарратәии аполитикатәии усзуҩцәа раԥхьа игылаз дреиуан, инапхгарала аԥсуа жәлар абџьар кны рхақәиҭреи рхьыԥшымреи ргеит ҳәа анырҳәо – изыцҵаны иҳәоу ажәақәам ҳәа исшьоит.
Иахьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рҿы аррамаҵзура иахысуа аҿар ҳкомандаҟаҵаҩ хада Владислав Григори-иԥа Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны ахьчаҩцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи рҿырԥшала иааӡоуп.
Аамҭа ӡырҩаш иқәнаӡәӡәаауеит ахьӡқәа, ауаа, ахҭысқәа, хҭысла иҭәыз ашықәсқәеи ажәашықәсақәеи. Аха иҟоуп ауаа, ахааназ агәқәа ирҭыҵәаран иҟам, агәалашәарақәа ирыцу. Асеиԥш иҟоу дреиуоуп Владислав Григори-иԥа Арӡынба – аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада.