Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 15 марта 2024 12:31

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба имшира идиныҳәалеит

Акыр иаҧсоу Сергеи Мирон-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәира амшныҳәа!

Шәара, инарылукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәгылара аԥхьагыла ҳәа шәеицырдыруеит, Аԥсны ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ашьақәгылареи аҿиареи рҿы шәлагала ахәшьара уадаҩуп.

Аԥсны еиҳа иуадаҩыз аибашьраамҭазы, 1993 шықәсазы, Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ иҳасаб ала ҿыц иаԥҵаз аусбарҭа ашьапы ақәгылараҿы ацхыраара ду ҟашәҵон, арратә комиссарс шәыҟан. Ари  аҭакԥхықәра ду зцыз усын.

Здырра ҵауылоу адипломат, аҩаӡара ҳарак, аԥышәа ду змоу апрофессионал – аҳәынҭқарра аус аҿы шәџьабаа шьарда идууп.

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭаацәаратә насыԥ! Акырӡа шықәса шәагымхааит шәџьабаа зду шәыԥсадгьыл, шәрыгымхааит шәыжәлар!

 

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 198 раз Последнее изменение Пятница, 15 марта 2024 12:47