Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 15 марта 2024 12:25

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Алықьса Гогәуа имшира идиныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иԥа!

Агәабзиареи, агәамчи, ақәра дуи, арҿиара агәацԥыҳәареи шәзеиӷьашьо Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ишәыдаҳныҳәалоит шәирамш!

Шәара ахаангьы шәыԥсадгьыл агәеисра шәацуп, шәыжәлар рыгәҭа шәгылоуп. Аҩажәатәи ашәышықәсазы Аԥсны жәлар знысыз рымҩа шәрыцанысит, рҿахәҳәаҩцәа шәреиуан, ауаажәларратә еиҿкаара - Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» раԥхьатәи ахантәаҩыс шәыҟан, СССР Жәлар рдепутатрахь (1988-1991) иалырхыз аԥсуа жәлар рҵеицәа хатәрақәа шәыруаӡәкын.

Шәҩымҭақәа ракәзар аԥсуа идоуҳа, тҭоурых, икультура адунеи ауаажәларра иддырҳауеит, еиҭагоуп жәабала абызшәақәа рахь.

Шәагымхааит шәыԥсадгьыл, шәрыгымхааит шәыжәлар! Ишьардахааит шәышықәсқәа!

 

Ҳаҭырла,

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 125 раз Последнее изменение Пятница, 15 марта 2024 12:31