Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 04 июля 2023 10:53

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра шьаҭаркуижьҭеи 17 шықәса аҵра Амш инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр В. Ануа адныҳәалара изынеишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, аинрал-леитинант Л. Кәыҵниа

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аиқәырхаҩ, аинрал-леитенант Кәыҵниа Л. К.

 

Ҳаҭыр зқәу Лев Константин-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала  зхадараҿы шәгылоу аминистрра аколлектив – аиқәырхаҩцәа, амцарцәаҩцәа, аҷыдамаҵзура аветеранцәа шәзанааҭтә ныҳәа шәыдысныҳәалоит!

Аиқәырхаҩцәа рџьа – акыр иуадаҩу, ашәарҭара зҵоу,  азыҟаҵара бзиа зҭаху усуп.

Шәара шәзанааҭ знапы алаку зус бзиа избо, шәарак ззымдыруа, ауадаҩра аҿаԥхьа згәы еиҭамԥо ауаа роуп. Адырра ҳарак, апрофессионализм ҭбаа, аԥышәа ҵаула, алеишәа ӷәӷәа иалдыршоит реиҳа иуадаҩу, ишәарҭоу аҭагылазашьақәа  риааира. Уи шәеилазаараҿы иҟоу зегьы ирҷыда ҟазшьаны ишыҟоу аԥсҭазаара иаҳнарбахьеит.

Иаҳхысыз ашықәс азы изныкымкәа иҟалахьан аҭагылазаашьақәа, шәмаҵзуратә уалԥшьа  хьыӡла-ԥшала инашәыгӡартә аиԥш.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит хыԥхьаӡара рацәала аԥсҭазаарақәа ахьеиқәшәырхахьо, шәхы-шәыԥсы шәахьамеигӡо азы.

Гәык ала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара. Илашазааит шәҭаацәаратә насыԥ, имаҷхааит шәԥынгылақәа.

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 129 раз Последнее изменение Вторник, 04 июля 2023 10:58