Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Воскресенье, 02 июля 2023 15:34

Аҭоурых адаҟьақәа: Тамшьтәи аоперациа 30-шықәса ахыҵит

Тамшьтәи аоперациа 30-шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арратә мчрақәа рыррамаҵзурауаа – ақырҭуа оккупантцәа ирҿагыланы аибашьраан фырхаҵарыла зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз аибашьцәа ргәаларшәо, Тамшь ақыҭантәи ахьӡ-аԥша Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.

1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иналукааша адаҟьақәа иреиуоуп «Тамшьтәи аоперациа» ҳәа хьӡыс изауыз, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥысыз аиҿагылара ду.  Иалагеит иара Тамшь ақыҭан амшынтә десант аӡхыҵрала. 1993 шықәса ԥхынгәы 2 азтәи аоперациа аламҭалаз аӷа игәҭакын артиллериа, атанкқәа, акәылӡмашьынақәа иманы аԥсуа ар рхырӷәӷәарҭақәа ԥижәарц. Аибашьра ӷәӷәаҵәҟьа цон.  Мрагыларатәи афронт аибашьцәа иалдыршеит Гәдоуҭантәи амшынтә десант аӡхыҵра. Аӷа артиллериатә хымцала адесант дырԥылеит. Аибашьра ду ҟалеит Тамшьтәи ашкол иахьаҵанакуаз аҭыԥқәа рҿы. Аӷа егьа иҽазишәазаргьы игәҭакы дахьырмыгӡеит. Мрагыларатәи афронт аруаа рҽеибыҭаны иалдыршеит адесант аӡхыҵра. Аоперациа иалахәын: Мрагыларатәи афронт аполкқәа хԥа, Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩ Мираб Кьышьмариа инапхгарала. Афронт архәҭақәеи арҟәшақәеи аамҭак ала еиуеиԥшым ахырхарҭақәа  рҿы ржәыларақәа рыла ақыҭақәа рхы иақәиҭыртәит иара уи аҭагылазаашьа алагьы адесант аӡхыҵра ауит.

Адесант алахәылацәеи Мрагыларатәи афронт алахәылацәеи астратегиатә ҵак ду змаз амҩаду Очамчыра-Аҟәа ааныркылеит, уи алагьы еиԥырҟьеит аӷа ири итехникеи амцашыра иалагылаз Аҟәа ақалақь ахь рнеира. Аҭыԥ аҿы еицымҩаԥыргон хыԥхьаӡарала акыр еиҳаз, бџьарла еиқәных иҟаз аӷа  хҩахахак изымҭоз ажәыларақәа. Хацәынмырха, иԥсыда-иӡда рҳәо ирҿагылан аӷа имотохысратә баталионқәа ааба, итанктә бригада, иартиллериатә дивизион. Бжьаха-бжьымш рыҩныҵҟа Аԥсуа ар амҩаду рнапаҿы иаанкыланы ирыман. Абри аамҭала иҭархан шәҩыла Аԥсны знапаҿы иаазгарц зҭахны, ҳадгьыл шьала изкәабоз ақырҭуа гвардееццәа, жәабала арратә техника, трофеи ҳасабла иган еиуеиԥшым абџьар, аџьаԥҳаны.

Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арратә операциа амҩаԥгараан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз, афырхаҵара, агәымшәара, аҟазара ҳарак азгәаҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба амшынтә десант алахәылацәа, Мрагыларатәи афоронт арҟәшақәа, Ареспублика Арра-мшынтә мчқәа аџьшьара риҭеит, еиҳа зҽалызкааз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы рыхьӡ ҳәан.

Тамшьтәи аоперациа аибашьараҿ аиааира агаразы реиҳа аҵакы змақәаз иреиуан, уи – зегь ззыԥшыз амш арааигәара алзыршаз операциан. Ԥхынгәымзатәи арҭ амшқәа рыҩныҵҟа Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 57-ҩык зхи-зыԥси ирмеигӡаз агәымшәақәа. Еиуеиԥшымыз ахәрақәа роуит 153-ҩык Аԥсны аԥацәа.

Иахьа Аԥсны ақалақьқәа рҿы иаартуп амемориалтә комплексқәа, қыҭацыԥхьаӡа игылоуп аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟақәа, иаартуп хыԥхьаӡара рацәала  Ахьӡ-аԥша амузеиқәа. Ҳара иахьа иаҳҳәоит: Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи еиқәзырхаз, Аԥсадгьыл ахақәиҭра иазықәԥоз зегьы шәыхьӡи шәыԥшеи кашәара рықәымзааит ҳәа.

Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟам Аиааира зхы ақәызҵаз Аԥсны иреиӷьӡаз аԥацәеи аԥҳацәеи, Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтә, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә, аҳәаанырцәынтә хатәгәаԥхарала иааны ҳадгьыл еиқәзырхаз.

Нагӡара рықәзааит афырхацәа! Кашәара амоуааит урҭ рыхьӡ-рыԥша!

 

 

 

Прочитано 196 раз Последнее изменение Воскресенье, 02 июля 2023 15:37

Галерея изображений