Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа гәалсра дула ирыдыркылеит 1992-1993шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Арбџьар мчқәа рветеран, Леон иорден занашьаз Адлеиба Заур Қыбеи-иԥа иԥсҭазаара иалҵра.
Агәалсра ду ҳнаҭеит иҳаҳаз ашәаџь. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз дыруаӡәкын Зураб Қыбеи-иԥа. 1992 шықәса абҵарамза инаркны Мықәтәи абаталион «Каскад» акомандаҟаҵаҩыс дыҟан, 1993 шықәса ԥхынгәымза инаркны атехникеи абџьари рганахь ала Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Иарбан усзаалак инапы злакыз ламысцқьала инеигӡон. Аԥсны апатриот иаша, ҳҩыза гәакьа игәалашәара наӡаӡа ҳагәқәа рҿы иҟазаауеит.
Ҳшәыдашшылоит иҭахцәеи игәакьацәеи.
Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба диит 1952 шықәса мшаԥы 1 азы Очамчыра араион Мықә ақыҭан.
1969 ш. рзы– Очамчыратәи абжьаратә школ №3 далгеит
1975ш. рзы- ГИСХ далгеит
1976 -1978 шш. рзы – Ешыратәи ацитрустә совхоз «Аԥсны» абригадир
1978 - 1980 шш. рзы –СССР Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаҩ
1980 - 1981 шш. рзы – Мықәтәи ачаи фабрика адкыларҭатә ҭыԥ хада аиҳабы
1981 - 1982 шш. рзы –Очамчыра араион ачаи фабрикақәа Реидҵа агроном
1982 - 1986 шш. рзы – Мықәтәи ачаи фабрика ааглыхра аиҳабы
1986 -1992 шш. рзы –Очамчира араион РАПО агроном
1992 -1993 шш. рзы – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла: 1992 шықәса абҵарамза инаркны Мықәтәи абаталион «Каскад» акомандаҟаҵаҩ; 1993 шықәса ԥхынгәымза инаркны атехникеи абџьари рганахь ала Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ
Леон иорден ианашьоуп
1994 - 1999 шш. рзы – АА Атәылахьчара аминистрра аррамаҵзура аиҳабы
1999 -2005 шш. рзы – Мрагыларатәи ар ргәыԥ аҩбатәи абригада акомандаҟаҵаҩ
2005 - 2007 шш. рзы – Очамчыра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ
2007 - 2012 шш. рзы– Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат
2013 шықәса ԥхынгәы 10 азы АА АП аудиторс дҟаҵан.