Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Суббота, 02 июля 2022 19:07

Аҭоурых адаҟьақәа: Тамшьтәи аоперациа 29-шықәса ахыҵит

Тамшьтәи аоперациа 29-шықәса ахыҵра амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арратә мчрақәа рыррамаҵзурауаа - ақырҭуа оккупантцәа ирҿагыланы аибашьраан фырхаҵарыла зыԥсадгьыл ахьчараз игылаз аибашьцәа ргәаларшәо, Тамшь ақыҭантәи ахьӡ-аԥша Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.

1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иналукааша адаҟьақәа иреиуоуп «Тамшьтәи аоперациа» ҳәа хьӡыс изауыз, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥысыз аиҿагылара ду. 1993 шықәса ԥхынгәы 2 азтәи аоперациа амҩаԥгараан, Мрагыларатәи афронт аибашьцәа иалдыршеит Гәдоуҭантәи амшынтә десант аӡхыҵра. Аӷа артиллериатә хымцала адесант дырԥылеит. Аибашьра ду ҟалеит Тамшьтәи ашкол иахьаҵанакуаз аҭыԥқәа рҿы. Аӷа егьа иҽазишәазаргьы игәҭакы дахьырмыгӡеит. Адесант алахәылацәеи Мрагыларатәи афронт аруааи рҽеибыҭаны астратегиатә ҵак ду змаз амҩаду Очамчыра-Аҟәа ааныркылеит, уи алагьы еиԥырҟьеит аӷа ири итехникеи амцашыра иалагылаз Аҟәа ақалақь ахь рнеира. Аҭыԥ аҿы еицымҩаԥыргон хыԥхьаӡарала акыр еиҳаз, бџьарла еиқәных иҟаз аӷа  хҩахахак изымҭоз ажәыларақәа. Хацәынмырха, иԥсыда-иӡда рҳәо ирҿагылан аӷа имотохысратә баталионқәа ааба, итанктә бригада, иартиллериатә дивизион. Бжьаха-бжьымш рыҩныҵҟа Аԥсуа ар амҩаду рнапаҿы иаанкыланы ирыман. Абри аамҭала иҭархан шәҩыла Аԥсны знапаҿы иаазгарц зҭахны, ҳадгьыл шьала изкәабоз ақырҭуа гвардееццәа, жәабала арратә техника, трофеи ҳасабла иган еиуеиԥшым абџьар, аџьаԥҳаны.

Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арратә операциа амҩаԥгараан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз, афырхаҵара, агәымшәара, аҟазара ҳарак азгәаҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба амшынтә десант алахәылацәа, Мрагыларатәи афоронт арҟәшақәа, Ареспублика Арра-мшынтә мчқәа аџьшьара риҭеит, еиҳа зҽалызкааз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы рыхьӡ ҳәан.

Тамшьтәи аоперациа аибашьараҿ аиааира агаразы реиҳа аҵакы змақәаз иреиуан, уи – зегь ззыԥшыз амш арааигәара алзыршаз операциан. Ԥхынгәымзатәи арҭ амшқәа рыҩныҵҟа Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 57-ҩык зхи-зыԥси ирмеигӡаз агәымшәақәа. Еиуеиԥшымыз ахәрақәа роуит 153-ҩык Аԥсны аԥацәа.

Прочитано 182 раз Последнее изменение Суббота, 02 июля 2022 19:08