Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 25 марта 2022 14:45

Дмитри Иван-иԥа Быҭәба игәалашәараз

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра гәалсра дула ирыдашшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист, Аԥсны Ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран,  "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, амедалқәа "Агәымшәараз", "Аиааираз" занашьаз  Дмитри Быҭәба иуацәеи иҭынхацәеи.

Аԥсны Арбџьар мчқәа реилазаара, аус ицызуаз, иҩызцәа хьаа дуны ирыдыркылеит ари ашәаџь.

Атәыла дацәыӡит ауаҩ иаша, апатриот ду.

Дмитри-Иван-иԥа еснагь  ҭакԥхықәрала  дырзыҟан инапы ианыз аусқәа зегьы. Аԥсны Арбџьар мчқәа Рмузеи ашьаҭаркыҩцәа дреиуан, авторс даман  ҩ-томкны иҭыҵыз "Мрагыларатәи афронт", аԥсуа еибашьрақәа иркьаҿу рҭоурых ахҳәаа, иара убасгьы иара инапы иҵижьит ашәҟәқәа: "Мрагыларатәи афронт ахроника", "Быҭәаа рыжәла аҭоурых", "Ажәабжьқәа", "Амра атыҩ ианаку. Аҭоурыхтә роман".

Аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа  дҳалагылан,  аҭҵааратә усурақәа мҩаԥигон, иԥсадгьыл амаҵ иуан.

Дмитри Иван-иԥа изанааҭтә дырра ҳаракқәа, иԥсҭазааратә ԥышәа ҳара зегь ҳзы иҿырԥшыган. Иусқәеи ихымҩаԥгашьеи  ирыҵаабаауан Аԥсадгьыл амаҵ аура атрадициа шьахәқәа.

Угәалашәара наӡаӡа иҳацыз, ҳҩыза бзиа Дмитри Иван-иԥа.

Прочитано 247 раз Последнее изменение Пятница, 25 марта 2022 14:46
Другие материалы в этой категории: « АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҲӘАМҬА Армия и спорт… »