Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Воскресенье, 26 декабря 2021 07:14

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр А. З. АНҚӘАБ

Ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала шәымшира аҽны ишәыдышәкыл гәык-ԥсык алатәи адныҳәаларақәа!

Шәара шәыԥсҭазаара зегь Аԥсадгьыл амаҵ азура иазышәкит. Аҭакԥхықәра ду зцу анапыҵақәа нагӡо атәыла ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара, аҭышәынтәалара, ажәлар рыбзазара аиӷьтәра рзы алагала ду ҟашәҵоит. Хамеигӡарада аусура, ԥхьаҟаԥшра, иарбанызаалак аус азы аҭакԥхықәра амазаара аханатәгьы шәҟазшьа ҷыдақәа иреиуаны иҟан.

Ааԥсарадатәи шәусушьа, ааиҳабы инеиркны аиҵбы иҟынӡа ауаа рацәажәашьа, реилкаашьа шәыкәша-мыкәша иҟоу рзы иԥышәоуп, иҿырԥшыгоуп.

Агәра згоит ԥхьаҟагьы Аԥсни аԥсуааи аԥсуара атрадициақәа инарықәыршәаны рымаҵ аура шымҩаԥыжәгало.

Шәымшира аҽны, ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра, ҭаацәаныла анасыԥ лаша. Илашааит зымаҵ жәуа аԥсуа дгьыл уаҵәтәи амш! Адунеи иақәлахааит аԥсуа иажәа ҟәыш, иҭынчзааит ижәҩан, иҭбаахааит имазарабзанхара!

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 969 раз Последнее изменение Четверг, 30 декабря 2021 11:29