Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 26 ноября 2021 10:50

Арезерв аидыларақәеи ахәҭақәеи разыҟаҵаразы Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Поцхор-оӷлы Л. З.

Ҳаҭыр зқәу Лизберт Заури-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала шәиубилеи шәыдысныҳәалоит!

Шәара шәыԥсҭазаара зегьы Аԥсадгьыл ахьчара иазкуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьразы абџьар нкыланы шәтәыла ахьчара шәазгылеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа раангьы уи акәын шәымч-шәылша ззырхаз. Иахьа уажәраанӡагьы шәыжәлар рымаҵ шыжәуыц ижәуеит, аҳәынҭқарра ахьчара аус шәаҿуп.

Ҳара зегьы шәеицаадыруеит аԥышәа дуи апрофессионалтә дырреи змоу уаҩԥсык, командаҟаҵаҩык иҳасаб ала. Шәара ишәнаабаалоит аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа  аофицартә корпус аҟазшьақәа, атрадициақәа. Аӡәырҩы рзы шәызнысыз амҩа ҿырԥшыгоуп, иааӡагоуп.

Шәхаҭаратә ҟазшьа ҷыдақәа иалдыршеит еиуеиԥшым хырхарҭала, имариамыз ауснагӡатәқәа рынагӡара, шәҿаԥхьа иқәгылаз иарбанызаалак аусдҵақәа қәҿиарала рҭыԥ ақәҵара.

Ҳаҭыр зқәу Лизберт Заури-иԥа, ишәыдышәкыл гәык-ԥсык алатәи адныҳәалара. Иаҳхылаԥшхәу ишәаҭәеишьааит ақәранҵыра ду, шәнапы назлашәкуа аусқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа шәымазааит!

 

Атәылахьчара аминистр и.н.

аинрал-полковник Б. А. Ҵәыџьба

Прочитано 786 раз