Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!
Абҵара 26 – ҳара зегьы ҳзы иҷыдоу аҵакы змоу рыцхәуп. 27 шықәса раԥхьа, абри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҿы ирыдыркылеит атәыла азакәан хада – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа.
Аԥышәара дуқәа ирхысны, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иреиӷьӡақәаз рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны инеиуан ҳажәлар Аҳәынҭқарра аиурахь, ашьақәыргыларахь. Хашҭра рықәымзааит ҳтәыла ссир Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи азаазгаз.
Атәыла адокумент хада иҳәаақәнаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылашьа, атәылауаа рзин хадақәеи рҭакԥхықәрақәеи. Ҳара зегь ҳҿаԥхьа иқәгылоуп азеиԥш ус – Аконституциа иаҳнаҭаз амазарақәа рыхьчара.
Ҳтәыла ашәҭыкакаҷроуп зегьы ҳнеибанеиԥшны иаҳҭаху. Ҳамчқәа еилаҵаны, аӡәк иеиԥш ҳаидгыланы ауп ишҳалшо аҳәынҭқарра арӷәӷәаразы ҳнап иану аусқәа рынагӡара, аекономика ашьҭыхра, ауаажәлар рыбзазара аизырҳара, аҭышәынтәалара, ашәарҭадара. Ҳаицҭакԥхықәроуп атәыла уаҵәтәи амш лашара алзыршоны иҟоугьы.
Ҳаҭыр зқәу, аҩызцәа! Агәра згоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш ахааназгьы хакзаареи, ҳаидгылареи, ҳаилаҵәареи ирсимволны ишыҟало, ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи амш иашьананы ишыԥхьаӡахо. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара шәҭаацәарақәеи шәареи! Аныҳәа шәадныҳәалаз!
Атәылахьчара аминистр
аинрал-полковник В. И. Ануа