Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Воскресенье, 09 июня 2024 12:24

Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Ауаажәларартә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба лирамш лыдиныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Гәыли Михаил-иԥҳа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала ишәыдышәкыл адныҳәаларақәа шәирамш аҽны.

Шәара шәыԥсҭазаара зегьы Аԥсадгьыл ахь абзиабара, апатриотизмра ирымҩоуп. Шәхы-шәыԥсы ауаажәларратә усура  иадышәҵоит. Ацәыӡ дуӡӡақәа шәыриааины, шәхы ҳаракны икны зыхшара ҭахаз, хабарда ибжьаӡыз зықьҩыла анацәа шәраԥхьагылоуп. Ҿырԥшыганы шәыҟоуп ҳажәлар рыҩныҵҟа. Иазыӡырыҩуеит шәажәа ҟәыӷа. Ирымоуп шәыгәрагара.

Аҭагылазаашьа схы иархәаны гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәирамш, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Аԥсни аԥсуа жәлари рыхьӡала имҩаԥыжәго шәусқәа зегьы ирԥеиԥшзааит аихьӡарақәа!

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 279 раз Последнее изменение Воскресенье, 09 июня 2024 12:26