Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 17 мая 2024 20:00

Аԥсны Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Иракли Ҭыжәба дидныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Иракли Вахтанг-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара ҳахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа, аветеранцәа, ҷыдала Шәара аԥхьа шәнаргыланы ишәыдаҳныҳәалоит Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа 31-шықәса ахыҵра Амш!

Амилаҭтә дипломатиа аҿиара аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиуижьҭеи адунеитә аренаҿы аихьӡарақәа жәпакы аанарԥшхьеит. Ари аус адәныҟаполитикатә усбарҭа ааԥсара ду адуп.

Атәыла амилаҭтә интересқәа хьчо шәара аԥсадгьыл ахьӡала шәықәгылоит. Шәусура агәра ҳнаргоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, адипломатиатәии аконсултәии хаҭарнакрақәа иалшо зегь шыҟарҵало адунеи аҿы Аԥсны ахьӡ-аԥша аҳаракразы, адунеи ахьынӡанаӡааӡо ахьӡ аларҵәаразы.

Аныҳәатә ҟазшьа змоу абри амш азы  аминистрраҿы аус зуа аколлективи аветеранцәеи иара убасгьы  аминистрра ахаҭарнакрақәа русзуҩцәеи ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, ақәҿиара дуқәа Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы. Еснагь ишәыцзааит аманшәалара!

Прочитано 833 раз Последнее изменение Пятница, 17 мая 2024 20:02