Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 26 марта 2024 12:51

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Шоҭа Арсҭаа иуацәеи иҭынхацәеи дрыдашшылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи гәалсра дула ҳшәыдашшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз еицырдыруа аҭҵаарадырра аусзуҩ, академик, апрофессор, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьаз Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иуацәеи иҭынхацәеи. Зыԥсҭазаара зегьы Аԥсны, аԥсуа ҭҵаарадырра рымаҵ аура иазкыз ауаҩы иҟамзаара цәыӡ дууп ҳажәлар зегьы рзы.

Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа дыреиуан аԥсуа ҭҵаарадырра ашьақәгылара, аизҳазыӷьара рхыҵхырҭақәа рҟны игылаз, шықәсырацәала аԥсуа бызшәа зџьабаа адызҵоз, ааԥсарада уи амаҵ азызуаз.

Ас еиԥш иҟоу ауаҩы иԥсра Аԥсны ауааԥсыра зегь реиԥш гәалсрыла, хьаала иҳадаҳкылоит.

Шоҭа Ҟасҭеи-иԥа иҭаацәеи игәакьацәеи гәыла-ԥсыла шәхьаа шәыцеиҩаҳшоит.

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 108 раз Последнее изменение Вторник, 26 марта 2024 12:51