Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Четверг, 21 марта 2024 10:16

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ԥасатәи ахада Рауль Ҳаџьымба имшира идиныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара, ишәыдаҳныҳәалоит шәира Амш!

Шәара, Аԥсны аибашьра ишналагаз хьаҳәхьачарада шәыжәлар рыгәҭа шәгылеит, шәдыррақәа ахархәара рышәҭеит, шәхы шәамеигӡеит.

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа раан акәзар, шәыжәҩа иқәышәхит ахьанҭарақәа шьарданы – атәыла ахада имаҵура инаркны еиуеиԥшым аҭакԥхықәра зцыз анапхгаратә маҵзурақәа шәырхагылан.

Сара агәра згоит шәара шәҟәыӷара, шәдырра, шәыԥсҭазааратә ԥышәа ҳтәыла ахьӡала ахархәара шроуа.

Аԥсуа иқәранҵыра ду шәыгымзааит!

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, аҭынчра, анасыԥ шәҭаацәараҟны.

Ҳара еснагь ҳазыхиоуп уаҵәтәи ҳҧеиҧш лашазы аусеицура.

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 131 раз Последнее изменение Четверг, 21 марта 2024 10:17