Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 08 марта 2024 08:01

Хәажәкырамза 8 рзы Атәылахьчара аминистр В. И. Ануа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш инадҳәаланы адныҳәалара ҟаиҵеит

Акыр иаҧсоу ҳанацәа, ҳандуцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала ишәыдысныҳәалоит аҳәса рымшныҳәа.

Ари амш – даҽазныкгьы аџьшьара шәыҭаразы ҭагылазаашьа бзиоуп.   Ҳазҭагылоу аамҭазы аҳәынҭқарратә ҧсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны аихьӡара бзиақәа змоу, ахәышҭаара еиқәзырхо, аҳәынҭқарра алахьынҵа аӡбараҿы аҭакҧхықәра иаҵагыло аҧҳәыс лроль аҵакы дууп, ахә ашьара уадаҩуп.

Шәара аҧсҭазаара даҽа цәак ахашәҵоит, ахаара, аҧхарра аҵашәҵоит. Иааиз ааҧынра ишәзаанагааит агәалаҟазаара бзиа, алшара ҿыцқәа, ақәҿиарақәа шәнапы злаку аусқәа рҟны!

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭаацәаратә насыԥ!

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 192 раз Последнее изменение Пятница, 08 марта 2024 08:03