Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Четверг, 30 марта 2023 08:49

Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Б. А. Ҵәыџьба иира Амш идиныҳәалеит Атәылахьчара аминистр В. И. Ануа

Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Б. А. Ҵәыџьба

 

Ҳаҭыр зқәу Беслан Андреи-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара, ишәыдаҳныҳәалоит шәира Амш!

Иазгәасҭарц сҭахуп шәара, Беслан Андреи-иԥа, шәус ҩаӡара ҳаракыла адырра шәыманы, шықәсы рацәала шәыжәлар рымаҵ аура шәазыхиоаны ҳажәлар шәышрылагылоу.

Аԥсуа гвардиа анеиҿыркаауаз аамҭақәа раахыс Аԥсадгьыл ахьчара шәазыхиоуп – гәымшәарак, гәеиҭасрак ҟамҵакәа. Иахьагьы, Аԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабара,  шәпатриотизмра  шьаҭаны ирзыҟоуп Аԥсны Арбџьар мчқәа реиҿкаара еиҳаӡоу аҩаӡара аҟынӡа ахагалара алыршаразы иҟашәҵо шәусқәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ иҳасаб ала шәара шәхы аашәырԥшит аҭакзыԥхықәу, аҳәынҭқарратә ҵакы зманы иҟоу иарбанызаалак аусқәа хра рыманы рыӡбара зылшо напхгаҩык шәакәны. Имҩаԥыжәго аусура шаҳаҭра ауеит шәара шәзы иреиҳаӡоу аҵакы зманы иҟоу усны ишышәыԥхьаӡо аҳәынҭқарра ашәарҭадареи ажәлар ринтересқәеи.

Агәра згоит аџьахьы ишәымоу абзиабара, шәыԥсҭазааратә позициа иаша,  шәдырра ҳаракқәа ишрылдыршо Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала ааԥсарада аџьа абара.

Ҳаҭыр зқәу Беслан Андреи-иԥа, иахьатәи шәира Амш аҽны, ишәыдышәкыл иреиӷьӡоу адныҳәаларақәа – агәабзиара зҩыда, аҭаацәаратә насыԥ, ашықәснҵыра рацәа, Аԥсадгьыл иазку шәусураҿы ақәҿиарақәа!

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 188 раз Последнее изменение Четверг, 30 марта 2023 08:51