Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 27 марта 2023 10:07

Мушьни Хәарцкьиа игәалашәаразы…

68 шықәса ҵит аҵарауаҩ, аибашьҩы, акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра афырхаҵа– Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи.

Мушьни Хәарцкьиа иналукааша, зеиԥш дмаҷыз уаҩын. Дыздыруаз зегьы еицҿакны ирҳәоит иара аԥсҭазаараҿы имариаз амҩақәа дышрышьҭамыз, аиашара иара изы аҳра шауаз. Даныхәыҷыз аахыс илааӡан аџьа, Аԥсадгьыл, ауа-аҭахы, аҩыза-ақәла, иааикәыршаны иҟаз, дызлагылаз рахь агәыҭбаара, абзиабара. Иара илшон агәырӷьарагьы агәырҩагьы уцеиҩшара.

Аибашьра иалагаанӡагьы Мушьни Хумса-иԥа активла далахәын аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, дазыхиан иаҭахханы иҟалар иԥсадгьыл ихы ақәҵара.

1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Мушьни иҩызцәа драԥхьагыланы Ацҳа ҟаԥшь аҿы абџьар шьҭыхны аӷа диԥылеит. Анаҩс аҷыданапынҵа змаз абатальон акомандаҟаҵаҩык иҳасаб ала хаҭала арратә операциақәа дрылахәын.

Гагра ақалақь ахақәиҭра ашьҭахь Мушьни Хәарцкьиа Мрагыларатәи афронт ахь дышьҭын Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа рыштаб хада ахаҭарнакк иҳасаб ала.

Мушьни Хәарцкьиа дҭахеит Лашькьындар ақыҭан 1992 шықәса ԥхынҷкәын 6 рзы.

1993 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы, данҭаха ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба Идҵа инақәыршәаны Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан.

Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ Аԥсны аҭоурых аҿы хьтәы нбанла наӡаӡан иануп. Афырхаҵареи агәымшәареи иршьананы, Аԥсадгьыл абзиабареи аԥсахҭынҵара азыхиареи ирҿырԥшыганы иаанхоит ԥхьаҟагьы абиԥарақәа рзы иҿырԥшыганы, ихьӡырҳәаганы.

Прочитано 150 раз Последнее изменение Понедельник, 27 марта 2023 10:09