Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Среда, 01 марта 2023 13:07

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР АРРАТӘ ПРОКУРАТУРА АШЬАҬАРКРА 30-ШЫҚӘСА АХЫҴРАЗ АКОЛЛЕКТИВ АДНЫҲӘАЛАРА РЗЫНЕИШЬҬИТ

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ, Арратә прокурор, аиустициа аполковник Р. Б. Ҭарба

Ҳаҭыр зқәу Руслан Борис-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала шәзанааҭтә ныҳәамш - Арратә прокуратура ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра – шәыдаҳныҳәалоит!

Арратә прокуратура афицарцәа хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, аиааира амш дырааигәон.

Иахьа апрокуратура аусура иҳәаақәнаҵоит  аҳәынҭқарратә мчра ахьӡ-аԥша, дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ  иԥсҭазаара ашәарҭадара еиҿнакаауеит.

Арратә прокуратура аусзуҩцәа аҭакзыԥхықәу аусқәа рыӡбра рнапы алакуп. Арахь иаҵанакуеит: еиуеиԥшым арратә еиҿкаарақәа рҿы азинеилагарақәа раԥырҟәҟәаара, азакәани алеишәеи арратә коллективқәа рҿы рыларҵәара, аррамаҵзурауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара. Ари зегьы аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ршәарҭадароуп.

Арратә прокуратура аилазаара русура аҟазара ҳарак амоуп, адыррақәа ацуп, азакәан иацныҟәоит, рҿаԥхьа иқәгылоу аусдҵақәа зегьы ҩаӡара ҳаракыла рыӡбра рылшоит.

Атәылахьчара аминистрреи Арратә прокуратуреи еснагь жәҩеибаркыла аус еицыруан, еицыруеит. Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы усеиԥш ҳашцало.

Руслан Борис-иԥа, абри амшныҳәа аҽны шәареи знапхгараҿ шәгылоу аколлективи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиарақәа!

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 138 раз Последнее изменение Среда, 01 марта 2023 13:09