Версия для печати
Понедельник, 02 января 2023 09:34

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр, Аԥсны Афырхаҵа, «Леон иорден» занашьоу, аинрал-полковник В. И. Ануа

Ҳаҭыр зқәу  Владимир Иван-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара  аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчрақәа рыррамаҵзурауаа рыхьӡала гәык-ԥсык ала адныҳәалара шәыдышәкыл шәирамш аҽны!

Ҳаҭыр зқәу Владимир Иван-иԥа, шәара иналукааша арратә напхгаҩуп, ауаажәларра рҿы ҳаҭыр-пату ду шәықәуп, шәус ныҭкааны, ҵаулара дула ижәдыруеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчареи, ашәарҭадара ԥхьаҟа арҿиареи шәымч-шәылша, шәхы-шәыԥсы адышәҵоит!

Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа, аибашьраан аума аҭынч ԥсҭазаараан аума, иаанарԥшуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩ иаша иҟазшьақәа шшәыло. Шәыпрофессионалтә усура шаҳаҭра ауеит напхгаҩык иҳасаб ала аҳәынҭқарратә ҵакы змоу аусқәа рыӡбара шшәылшо, шәара шәзы ахадаратә ҭыԥ шныркыло ажәлар ринтересқәа, аҳәынҭқарра ашәарҭадара!

Агәра аагоит шәпатриотизм, Аԥсадгьыл ахь иаашәырԥшуа абзиабара, шәнапы иану аусқәа хамеигӡарыла рымҩаԥгара Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭыхра ишазырхо.

Абри иныҳәоу амш аҽны, азин сышәҭ, ҳаҭыр зқәу Владимир Иван-иԥа,  ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара зҩыда, аманшәалара,  ашықәс рацәа!

Ԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа Аԥсадгьыл аҿаԥхьа амаҵ ауразы! Ицқьазааит шәыжәҩан, анасыԥ ԥшәымара аулааит шәыҩнаҭаҿы! Анцәа ду дырхылаԥшлааит шәыҩнреи шәыхшареи!

 

Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ,

аинрал-полковник Б. Ҵәыџьба

Прочитано 278 раз Последнее изменение Среда, 22 февраля 2023 13:38

Галерея изображений