Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 26 декабря 2022 12:49

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Александр Анқәаб имшира идиныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала шәымшира аҽны ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкалатәи адныҳәаларақәа!

Шәара шәреиуоуп зыԥсҭазаара зегь Аԥсадгьыл амаҵ азура иазызкуа. Аҭакԥхықәра ду зцу анапыҵақәа нагӡо атәыла ашәҭыкакаҷра, аизҳазыӷьара, аҭышәынтәалара, ажәлар рыбзазара аиӷьтәра рзы алагала ду ҟашәҵоит. Хамеигӡарада аусура, ԥхьаҟаԥшра, иарбанызаалак аус азы аҭакԥхықәра амазаара аханатәгьы шәҟазшьа ҷыдақәа иреиуаны иҟан.

Ааԥсарадатәи шәусушьа, аиҳабы инеиркны аиҵбы иҟынӡа ауаа рацәажәашьа, реилкаашьа шәыкәша-мыкәша иҟоу рзы иԥышәоуп, иҿырԥшыгоуп.

Агәра згоит ԥхьаҟагьы Аԥсни аԥсуааи аԥсуара атрадициақәа инарықәыршәаны рымаҵ аура шымҩаԥыжәгало.

Шәымшира аҽны, ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра, ҭаацәаныла анасыԥ лаша. Илашааит зымаҵ жәуа аԥсуадгьыл уаҵәтәи амш! Адунеи иақәлахааит аԥсуа иажәа ҟәыш, иҭынчзааит ижәҩан, иҭбаахааит имазара бзанхара!

Ҳаҭырла,

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В.И. Ануа

Прочитано 158 раз Последнее изменение Понедельник, 26 декабря 2022 13:03