Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Среда, 21 декабря 2022 11:20

АА АМ Аштаб хада аԥшыхәратә Усбарҭа аилазаара

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа  рыштаб Хада  аԥшыхәратә Усбарҭа аилазаара ишәыдысныҳәалоит аусбарҭа ашьаҭаркра 30 шықәса ахыҵра амш!

Арратә ԥшыхәра – ҳтәылазы акрызҵазкуаны иҟоу занааҭуп. 1992 шықәса ԥхынҷкәын 21 азы, ҳреспубликаз еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан Аԥсны  Атәылахьчаратә еилакы ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапы аҵеиҩит  Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә ԥшыхәреи аконтрԥшыхәреи рыҟәша аԥҵаразы Адҵа. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аԥсадгьыл ахьчара игылаз аԥшыхәратә Усбарҭа аколлектив  хацәынмырха, фырхаҵарыла рнап ианыз аус нарыгӡон. Иҟоуп урҭ рҟынтәи зыԥсадгьыл зхы ақәызҵазгьы.

Аԥсны арра ԥшыхәратә Усбарҭа аҭоурых агәра унаргоит еиҵагыло аҿар апрофессионализми азыҟаҵареи рыманы, иҷыдоу адыррақәеи алшарақәеи рыманы  ламысцқьала рмаҵзуратә уалԥшьа шынарыгӡо, рҿаԥхьа иқәгыло ауснагӡатәқәа  ириааины Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаарақәа  ршәарҭадара шеиқәдыршәо.

Абри амшныҳәа аҽны, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, азин сышәҭ ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара ӷәӷәа,  ашықәс рацәа, аҭаацәаратә маншәалара, Аԥсадгьыл ахьӡала шәусқәа рҿы ақәҿиарақәа.

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 185 раз Последнее изменение Среда, 21 декабря 2022 11:38