Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Среда, 14 декабря 2022 10:16

Ԥхынҷкәын 14 – Лаҭатәи арыцҳара иалаӡыз ргәалашәара иамшуп

Иахьа, Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иргәаладыршәоит 30 шықәса раԥхьа зыԥсҭазаара гәымбылџьбарала иалхәыдартәыз аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа.

1992 шықәса, ԥхынҷкәынмза Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан реиҳа иуадаҩыз  аамҭқәа иреиуан. Хацәынмырха аӷа иҿагылан аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Атыл аҿы иҟамызт алашара, аԥхарра, афатә-ажәтә.

Арыцҳара ду иҭагылан Тҟәарчал. Ақалақь амацәаз иҭакын. Иагәыҵакны иахьчоз ауааԥсыра амлеи ахьҭеи риааиуан. Аӷа иҳаирпланқәеи иверталиотқәеи есыҽны аԥсра-хаҭа рыманы ирхагьыжьуан абомбақәа рылажьуа. Шәҩыла, зықьҩыла аҭынч уааԥсыра аԥсра абла иҭаԥшуан. Адгьыл ду уамаздо ҳәа иҟаз аҳауатә еимадара заҵәык акәын. Урыстәылатәи аверталиотқәа агуманитартә реисқәа мҩаԥыргон. Игьыжьны Гәдоуҭаҟа ианцоз арантәи иахыргон ахҵәацәа – аиҳарак аҳәсеи ахәыҷқәеи.

1992 шықәса, ԥхынҷкәын 14 аҽны Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәыз  аверталиот ажәҩан аҟны иҭархан. Лаҭа ақыҭан итәаз ақырҭуа ар иҭдырҟьаз ахы, лашарак абара иазгәаҟуаз, жәаҩыла ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿнаҵәеит.

Абырсааҭк иаланҵәеит 87 ԥсҭазаара. Иҭахаз рҟынтәи 35-ҩык хәыҷқәан. Аа-ҩык аҳәса рцәа ртәымызт.

Арҭ амшқәа рзы угәаҵӷа ҿызҵәоз аԥсӡы иамҽханакыз Аԥсны лаӷырӡыла икәабан. Иахьагьы иаанханы иҟоуп ҳагәқәа рҿы усҟан ажәҩан аҵа кылызҵәоз аҵәыуабжьқәа.

Иахьа агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит Лаҭа, Тҟәарчал, Гәдоуҭа. Иҭахаз рбаҟақәа рҿаԥхьа ишьҭарҵоит ашәҭшьыҵәрақәа, икарԥсоит алаӷырӡ.

Иҳацзааит ари амш агәалашәара наӡаӡаны. Хашҭра рықәымзааит харада зыԥсҭазаарақәа ҿахырҵәаз. Иҭынчзааит урҭ рыԥсқәа.

Прочитано 152 раз Последнее изменение Среда, 14 декабря 2022 10:21