Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 17 мая 2022 17:53

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Арӡынба И. Б.

Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара ҳахьӡала  Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аусзуҩцәа, аветеранцәа, ҷыдала Шәара аԥхьа шәнаргыланы ишәыдаҳныҳәалоит  Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа 29 шықәса ахыҵра Амш!

Аԥсны – ари ҳара иҳаԥсадгьылуп. Иара бџьаршьҭыхлеиԥш дипломатиатә мҩалагьы ихьчалатәуп.

Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы аусура еснагь ҳаҭыр ду аман, адырраҩаӡарақәа аҭахын, иаҭахын аԥышәа, атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчараз алшара. Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала  шәықәгылоит, ишәыхьчоит  уи ахьӡи аҳаҭыри.  

Шәусура агәра унаргоит Аԥсны ААР,  адипломатиатәии аконсултәии хаҭарнакрақәа ирылшо зегь шыҟарҵо Аԥсны адунеи ахьынӡанаӡааӡо ахьӡ аларҵәаразы.

Аныҳәатә ҟазшьа змоу абри амш азы  аминистрраҿы аус зуа аколлективи аветеранцәеи иара убасгьы  аминистрра ахаҭарнакрақәа русзуҩцәеи ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, ақәҿиара дуқәа Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы. Еснагь ишәыцзааит аманшәалара!

 

Атәылахьчара аминистр      

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 207 раз Последнее изменение Вторник, 17 мая 2022 17:54