Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Суббота, 09 апреля 2022 08:47

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рҳаиртә хьчара ар аветеранцәа

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, аҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа реилазаара рыхьӡала  гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рҳаиртә хьчара ар шьаҭаркуижьҭеи 29 шықәса аҵра!

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаиртә хьчара ар рҭоурых  Аԥсни Арбџьар мычқәеи ирыхәҭакуп. 1993 шықәсазы иаԥҵаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рҳаиртә хьчара ар Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаақәа рыхьчараз рҿаԥхьа иқәгылаз аусқәа зегьы қәҿиарала имҩаԥго хьӡы-ԥшала аибашьра амҩа ианысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рҳаиртә хьчара ар аибашьцәа  атәыла аҳәаақәа рыхьчараҿы рлагала шьардоуп. Дара алахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан имҩаԥгаз аоперациақәа, фырхаҵарыла аӷа идесант  аԥхьацара алдыршон, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рызгьы  атәыла аҳәаақәа  рырӷәӷәара  рымч-рылша адуп.

Аԥсны ажәлар ахааназ ирхашҭраны иҟам Аиааира ишақәҵоу иреиӷьу аԥацәеи аԥҳацәеи рыԥсҭазаарақәа. Хашҭра рымамзааит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа!

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаиртә хьчара ар аԥҵазар аахыс акыр еиҭакра, акыр еизҳара ҟалеит ари аус аганахь ала.  Ҳара агәрагара ду ҳамоуп иахәҭаны иҟалар шәара, Аԥсадгьыл аҿаԥхьа иқәгылар зылшо ашәарҭадаратәии атәылахьчаратәии усқәа  дырра ҳаракыла рыӡбра шәеиҭашнадгыло.

Ишәыдныҳәалаз аныҳәа, аҩызцәа!

Агәабзиареи аманшәалареи, шәҭаацәарақәа рҿы анасыԥ, аҭынч ԥсҭазаареи аҭынч жәҩани наӡаӡаз!

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 269 раз Последнее изменение Суббота, 09 апреля 2022 08:50