Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Среда, 30 марта 2022 20:56

Атәылахьчара аминистр актәи ахаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Б. А. Ҵәыџьба

Ҳаҭыр зқәу Беслан Андреи-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара гәык-ԥсык ала  шәымшира шәыдаҳныҳәалоит!

Арра аусхк аҟны азанааҭдырра ду змоу, зус иазҟазоу шәара, Беслан Андреи-иԥа, акыршықәса ҵуеит  ажәлари аҳәынҭқарреи рымаҵ жәуеижьҭеи.

Аԥхьанатә Аԥсуа гвардиа шәалахәны, анаҩс Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылак иҳасаб ала фырхаҵарыла шәыԥсадгьыл шәыхьчон. Иахьагьы,  Аԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабара дуи апатриотизм ҳараки Аԥсны Арбџьар мчқәа рыҿиара, реизҳара иазшәырхоит.

Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ иҳасаб ала аҭакԥхықәра ду иаҵагыло, хра аманы иарбанызаалак азҵаарақәа рыӡбра зылшо напхгаҩык иҳасаб ала шәхы аашәырԥшуеит.   Шәусура шаҳаҭра ауеит  доуҳатә беиараны шәара шәзы иҟоу ажәлар ринтересқәеи аҳәынҭқарра ашәарҭадареи шракәу.

Агәра ганы сыҟоуп аԥсҭазаараҿы иаанышәкыло апозициа иаша, аџьаус ахь иаашәырԥшуа абзиабара, шәдырра ҳаракқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡ-аԥша ԥхьаҟагьы ишеиздырҳауа.

Шәымшира аҽны, ҳаҭыр зқәу  Беслан Андреи-иԥа,  ишәзеиӷьашьаз агәабзиара зҩыда, ашықәснҵыра ду, Аԥсадгьыл амаҵ азураҿы ақәҿиарақәа!

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 228 раз Последнее изменение Среда, 30 марта 2022 20:59