Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 01 марта 2022 09:47

Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ, Арратә прокурор, аиустициа аполковник Р. Б. Ҭарба

Ҳаҭыр зқәу Руслан Борис-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи хаҭала сареи ҳахьӡала шәзанааҭтә ныҳәамш - Арратә прокуратура ашьаҭаркра 29 шықәса ахыҵра – шәыдаҳныҳәалоит!

Арратә прокуратура афицарцәа хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын, аиааира амш дырааигәон.

Иахьа апрокуратура аусура иҳәаақәнаҵоит  аҳәынҭқарратә мчра ахьӡ-аԥша, дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ  иԥсҭазаара ашәарҭадара еиҿнакаауеит.

Арратә прокуратура аусзуҩцәа аҭакзыԥхықәу аусқәа рыӡбра рнапы алакуп. Арахь иаҵанакуеит: еиуеиԥшым арратә еиҿкаарақәа рҿы азинеилагарақәа раԥырҟәҟәаара, азакәани алеишәеи арратә коллективқәа рҿы рыларҵәара, аррамаҵзурауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара. Ари зегьы аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ршәарҭадароуп.

Арратә прокуратура аилазаара русура аҟазара ҳарак амоуп, адыррақәа ацуп, азакәан иацныҟәоит.

Атәылахьчара аминистрреи Арратә прокуратуреи еснагь жәҩеибаркыла аус еицыруан, еицыруеит. Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы усеиԥш ҳашцало.

Руслан Борис-иԥа, абри амш аҽны шәареи знапхгараҿ шәгылоу аколлективи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиарақәа!

Ҳаҭырла,

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 424 раз Последнее изменение Вторник, 01 марта 2022 09:48