Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Четверг, 10 февраля 2022 14:55

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аиҳабы В. Е. Кәарҷиа

Ҳаҭыр зқәу Валери Еремеи-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа, хаҭала сара ҳахьӡала шәымшира шәыдаҳныҳәалоит!

Шәара шәыԥсҭазаара аӷьырак шәыԥсадгьыли шәыжәлари рымаҵ аура иазкуп. Активла шәалахәын  Аԥсны ажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ахҭысқәа рыгәҭа шәгылан, шәхы-шәыхшыҩ, шәдырра, шәԥышәа ахархәара рыҭо. Иарбанызаалак аамҭазы шәнапы ианыз аусқәа зегьы ламысцқьала, ҭакԥхықәра дула шәрызнеиуан, иахьагьы шәрызнеиуеит. Ауаҩы изнеишьа, иацәажәашьа, иеилкаашьа жәдыруеит, уи алагьы ишәыднагало шәыдышәхалоит, ҳаҭыр-пату ду шәықәырҵоит. Шәколлегацәеи атәыла анапхгареи ахәшьара ду арҭоит шәдырра ҳарак, шәԥышәа ҵауыла.

Агәра ганы сыҟоуп ишәылоу апатриотизмра, хаҭалатәи шәҭаххарақәа атәыла азакәанрҿиаратә усбарҭеи атәылахьчаратә усбарҭеи рыбжьара аизыҟазаашьа ҿыцқәа, аилибакаара ҷыдақәа рымҩахь икылыргап ҳәа. Шәыхьӡ-шәыԥша аԥсуа парламентаризм аҿиара шанаҭо азхаҵара ду сымоуп.

Ҳаҭыр зқәу Валери Еремеи-иԥа, иахьа, шәара шәзы иҷыдоу амш аҽны ишәыдышәкыл хаҭалатәи, гәыкалатәи адныҳәалара. Ишәымаз анасыԥ лаша, агәабзиара зҩыда, агәамч ӷәӷәа. Шәымч-шәылша зызку Аԥсны адунеи атәылақәа рыгәҭа игыланы, ахьӡ-аԥша рылаҵәаны аҟазаара аус агәахәара ду шәзаанагааит.

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 660 раз Последнее изменение Четверг, 10 февраля 2022 14:56