Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 07 февраля 2022 12:37

В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор, 1992-1993шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа М. Ҷ. Беиа

Ҳаҭыр зқәу Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара ахьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдышәкыл иреиӷьӡоу азеиӷьашьарақәа шәымшира аҽны!

Аԥсуа жәлар рзы еиҳа иуадаҩыз, ихлымӡаахыз аамҭақәа рзы шәара хьаҳәхьачарада, агәаӷьра ду аарԥшны Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы шәабџьар шьҭыхны шәгылеит.

Шәыпрофессионалтәи шәхаҭаратәи ҟазшьақәа, шәиашара, хамегӡарада шәхи-шәыԥси нақәҵаны аус ҩ-напыкла акра, шәыкәша-мыкәша аицхәыцшьа змоу ауаа реидкылара ирылдыршоит  Ахьӡ-аԥша амузеи қәҿиара дула напхгара аҭара, аҵак ду змоу апроектқәа аус рыдулара, рыларҵәара. Агәахәара ду унаҭоит урҭ апроектқәа ҳажәлар реидкылара иахьазырхоу.

Дарбанызаалак ауаҩԥсы иганахь ала иаашәырԥшуа агәаартра, аусеицура азыхиара, иактиву аԥсҭазааратә позициа, апрофессионализм ҳарак Арбџьар мчқәа рнапхгара рыҩныҵҟа шәыҳаҭыр, шәыпату шьҭнахуеит.

Мзиа Ҷыҷыкәа-иԥҳа, иахьа, шәымшира аҽны, ишәыдышәкыл ҳахьӡала гәыкалатәи адныҳәаларақәа. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара зҩыда, ашықәснҵыра ду,  игәрагоу аҩызцәа шәааигәа рыҟазаара,  шәыԥсадгьыл Аԥсны ахьӡала ԥхьаҟатәи шәусураҿы ақәҿиара дуқәа.

 

Атәылахьчара аминистр

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 650 раз Последнее изменение Понедельник, 07 февраля 2022 12:38