Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Вторник, 01 февраля 2022 21:40

Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы аиԥылара мҩаԥысит

Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу азинмчнагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иалахәын аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, аминистр ихаҭыԥуаа – аинрал-маиор Олег Аршба, аинрал-маиор Нодар Аҩӡба.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи реимадара еизааигәа, реиҩызара, русеицура, ҷыдала Аԥсни Шьамтәылеи ртәылахьчаратә усҳәарҭақәа рыбжьара.

Аинрал-полковник Владимир Ануеи Баграт Хәытабеи азааҭгылеит Аԥсни Шьамтәылеи рыстратегиатә партниорра, иазыԥхьагәарҭеит ԥхьаҟатәи апланқәа аиҩызара зыбжьоу аҩ-тәылак реимабзиара арӷәӷәара хықәкны иҟазҵо реицусураҿ.

Прочитано 709 раз Последнее изменение Вторник, 01 февраля 2022 21:49