Ҳаҭыр зқәу Беслан Циба-иԥа!
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәыкала ишәыдышәкыл адныҳәаларақәа шәиубилеимшы азы!
Шәара шәыԥсҭазаара аиҳара шәыԥсадгьыл амаҵ азура иазырхоуп. Еиуеиԥшым, аҭакԥхықәра ду змоу амаҵзурақәа рҟны напхгара уа Аԥсны иқәынхо ауаажәлар рыԥсҭазаара аиӷьхареи, аҭышәынтәалареи рзы ишәылшо зегь ҟашәҵоит. Аԥышәа, ахараԥшра, аҭакԥхықәра иарбанызаалак аус аҿы еснагьгьы шәҟазшьа иаҷыдараны иҟан, иҟоуп.
Ааԥсарада шәусура, аԥсҭазаара аҿыцрақәа ралагалара, ауаа рнырра иаашәыкәыршан иҟоу рзы иҿырԥш дуны иҟоуп.
Агәрагара ду сымоуп ԥхьаҟагьы Аԥсуара атрадициақәа, аҟазшьақәа шәрықәныҟәаны шәыԥсадгьыли шәыжәлари рымаҵ шыжәуло.
Ҳаҭыр зқәу Беслан Циба-иԥа, шәиубилеимш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аԥсуа ишықәснҵыра, аҭаацәаратә насыԥ зҩыда. Шәхы шәақәгәырӷьо имҩасааит шәыԥсҭазаара зымаҵ жәуа аԥсуа дгьыл аҿы!
Ҳаҭырла,
Атәылахьчара аминистр
аинрал-полковник В. И. АНУА