Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Суббота, 06 ноября 2021 18:03

Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иҧҳа, ҳаҭыр зқәу Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив – ажурналистцәа, арежиссиорцәа, аоператорцәа, анџьныртә-техникатә усзуҩцәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш!

Абҵарамза 6, 1978 шықәса – ҭоурыхтә рыцхәуп Аԥсни аԥсуа жәлари рзы. Аҧсуа телехәаҧшра аира, ашьақәгылара иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи рзы ҳажәлари ҳинтеллигенциеи хацәынмырха ргылара. Уи ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалнаршаз аус дуқәа ируакуп.

Ателехәаԥшреи арадиои рҿы аусуразы иаҭахуп агәацԥыҳәара, аҭакԥхықәра ду аарԥшра, аус азҟазара. Есҽны, ԥсшьареи ныҳәамши неилымхкәа, ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа ҳтәылеи адунеи зегь аҟни имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳажәлар ирызнаргоит.

Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои ажәабжьқәеи егьырҭ адырраҭарақәеи ҳҳәынҭқарраҟны мацара акәымкәа, аҳәаанырцә иҟоу ҳдиаспора ахаҭарнакцәагьы ирдырыртә аҭагылазаашьа рырҭоит.

Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои иахьагьы иеиҵагыло аҿар рааӡараҿы, акультуреи аҵарадырреи рыҿиараҿы, аҳәынҭқарра аргылара аус аҿы аҵак дуӡӡа рымоуп.

Имариаӡам амедиатә хархәагақәа рзы иахьатәи адунеи иқәнаргыло азҵаарақәа инарықәыршәаны, аамҭа иаҵамхакәа аусура, аинформациатә аалыҵқәа раҧҵара, иааиҧмырҟьаӡакәа атема ҿыцқәа рышьҭыхра, аҿиаразы алшара ҿыцқәа рыҧшаара. Аха ари зегьы аҳәынҭқарратә телеканал аколлектив тәамҩахә змам русурала имҩаҧысуеит.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Шәиубилеитә ныҳәамш аҽны гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, арҿиаратә гәалаҟара бзиа, ҧхьаҟатәи ақәҿиара ҿыцқәа!

 

Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В.И. Ануа

Прочитано 465 раз