Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Понедельник, 01 ноября 2021 08:41

Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа аилазаара

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аԥны Атәылахьчара аминистрра анапхгара рыхьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсык ала Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа, аушьҭымҭацәа, акомандаҟаҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аррамаҵзурауаа ишәыдысныҳәалоит аҵараиурҭа ашьаҭаркра 21 шықәса ахыҵра!

Арра-ҵаратә усбарҭа аԥҵареи аҿиареи рҭоурых атәыла Арбџьар мчқәа рҭоурых иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп.

2000 шықәсазы иаԥҵаз Аҟәатәи азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа Арра-ҵаратә центр инаркны  Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҟынӡа амҩа ианысит, адырра ҳарак змоу афицартә кадырқәа азыҟазҵо Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра иаҵараиурҭа хаданы иҟалеит.

Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа раԥхьатәи амшқәа инадыркны арҵаҩцәа, анапхгаҩцәа, зхаҭабзиара ҳаракӡоу аҵарадырраиура рыла ахьӡ-аԥша рылаҵәеит. 21 шықәса рыҩныҵҟа аҵараиурҭа Арратә мчқәа  рзы иазнархиеит хыԥхьаӡара рацәала афицарцәа. Урҭ рҟынтәи жәпаҩык Атәылахьчара аминистрра аҳамҭақәа ранашьоуп. Аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа Атәылахьчара аминистрраҿы, Арратә мчра аилазаараҿы иааныркылоит аҭыԥ ҳаракқәа.

Агәра ганы сыҟоуп ԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирыҵаркуа аушьҭымҭацәа абла ҷыц аиԥш ишырыхьчало иахьазы ишьақәгыло атрадициа ссирқәа, аиҩызара аидеал ҳаракқәа, еилшәара зқәым арратә ешьара.

Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, ишәыдышәкыл гәыла-ԥсылатәи азеиӷьашьара ҟәандақәа – агәабзиара зҩыда, аҭынчра, аманшәалара, набыцра зқәым акурсанттә ешьара, Аԥсадгьыл ахьӡала ԥхьаҟагьы аизҳазыӷьара.

 

Атәылахьчара аминистр и.н.        

аинрал-полковник Б. А. Ҵәыџьба

Прочитано 837 раз