Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Воскресенье, 17 октября 2021 18:26

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рветеран, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, аинрал-маиор А. Н. Анқәаб

Ҳаҭыр зқәу  Аслан Назырбеи-иԥа!

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәымшира!

Шәара шәыԥсҭазааратә мҩеи, ааԥсара змам шәусуреи – Аԥсадгьыл амаҵ аушьазы иҿырԥшыга дуны иҟоуп.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аԥсадгьыл ахьчаразы абџьар шьҭышәхит. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазгьы Атәылахьчара аминистрра имҩаԥнагоз арратә операциақәа зегьы шәрылахәын. Аԥсуа артиллериа ашьақәгылараҿы хәызмам алагала ду ҟашәҵеит. Иахьатәи аамҭазгьы ааԥсарак мукәа шәыжәлар рымаҵ жәуеит.

Шәара ҭакԥхықәра дула шәазыҟоуп шәырратә уалԥшьа. Иҳәаадоу шәԥышәа ду, шәыпрофессионалтә дырра ҵауылақәа, шәыламысцқьара, аџьахь ишәымоу абзиабара,  шәнапаҵаҟа иҟоу ауаа рҭагылазаашьа аиӷьтәразы хамеигӡарада шәусуразы ҳар рнапхгара, афицартә корпус, Арбџьар мчқәа реилазаара зегьы ҳаҭыр-пату ду шәықәырҵоит.

Агәра ганы сыҟоуп арратә, аибашьратә традициақәа ԥхьаҟагьы ишымҩаԥыжәго, шәдырра, шәԥышәа еиҵагыло аҿар ишрымажәдо.

Аслан Назырбеи-иԥа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит ԥхьаҟа аизҳара, ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, Аԥсадгьыл ахьӡала шәнапы назлашәкуа шәусқәа зегьы рҿы аманшәалара.

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 797 раз