Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Суббота, 25 сентября 2021 12:36

Аветеран иҭаацәа рыдашшылара…

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи гәалсра дула ҳшәыдашшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьартә мчқәеи рветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьаз, бџьарла аиҿкаареи атехникеи рганахь ала Аԥсны Атәылахьчара аминистр  ихаҭыԥуаҩс иҟаз, аполковник ԥхьатәа Аслан Қыбеи-иԥа Ҭарба иуацәеи иҭынхацәеи.

 

Аԥсны Арбџьар мчқәа рыррамаҵзурауаа, аррамаҵзура ицахысуаз, иҩызцәа  гәыхьра дула ирыдыркылеит ираҳаз ашәаџь бааԥс.

Аслан Қыбеи-иԥа дыздыруаз зегьы иазгәарҭоит иԥсадгьыл, изааигәаз, изгәакьаз, аԥсҭазааратә мҩа иԥнагалаз дарбанызаалак, ацәгьеи абзиеи зыцеиҩишоз рахь иааирԥшуаз абзиабара ду.

Ицеибашьуаз роума, аррамаҵзураҿы ивагылаз роума еицҿакрыла ирҳәоит Аслан Қыбеи-иԥа аҭоуба зҿаԥхьа ишьҭеиҵаз идгьыли ижәлари рҿаԥхьа ихы-иԥсы дамеигӡакәа, аҭакԥхықәра ду аарԥшуа, инапы ианыз аус дшазнеиуаз.

Ихымҩаԥгашьа, иаамысҭашәара ҿырԥштәны иҟан  Аԥсадгьыл амаҵ азура аарԥшразы.

Ахааназгьы ҳагәқәа рҿы уҭыԥ  еиҭакрак, харҭәаашьак амамкәа иаанхоит – Аслан Қыбеи-иԥа.

 

Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 552 раз