Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 10 сентября 2021 16:03

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада Ирина Шьоҭа-иԥҳа Агрба

Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгареи, хаҭала сареи ҳахьӡала азин сышәҭ гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәаларц шәира Амш!

Агәахәара ду ҳнаҭоит абри амш шәыдныҳәалара, акраамҭатәи ҳаинырра ҭабуп ҳәа ахҳәаара, ажәа ҟәандақәа шәызкра.

Ҳажәлар рзы иуадаҩыз аамҭақәа раан, Шәара еснагь урҭ рыгәҭа шәгылан, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәы шьҭышәхуан, адгылара рышәҭон. Ахәшьара аҭара уадаҩуп Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы шәлагала ду.

Шәыпрофессионалтәи шәхаҭаратәи ҟазшьа ҷыдақәа, шәыуаҩра цқьа, шәиашара, шәыламыс-шәыпату, шәус азнеишьа, аҿыц амҩа аҭашьа азыԥшаара, иаӡәыкны иҟоу акоманда аиҿкаараҿ шәҟазара – ишәырҭоит алшара қәҿиарала амилаҭтә телерадиоеилахәыра анапхгара аҭараҿ, хра рыманы аҵак ду змоу апректқәа аԥсҭазаара раларҵәараҿ. Агәахәара ду унаҭоит ателелерадиоеилахәыра иҷыданы ҳажәлар реидкылара, реизакра ирзырхо апроектқәа ахьымҩаԥнаго.

Дарбанызаалак ауаҩ иахь ишәымоу агәаартра, еснагь аусеицура азыхиара, шәпрофессионализм ҳарак дарбанызаалак ҳаҭыр ду ақәимҵарц залшом.

Иахьатәи шәымширазы, ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа, ишәыдышәкыл ҳадныҳәалара. Ишәзеиӷьашьазааит агәабзиара зҩыда, аҭаацәаратә насыԥ, ашықәс рацәа, аҩызцәа бзиақәа, амч-алша, шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәа, гәыразрыла шәыззыҟоу ҳаԥсадгьыл Аԥсны аизҳазыӷьаразы алшара дуқәа.

Ҳаҭырла,

Атәылахьчара аминистр

аинрал-полковник В. И. Ануа

Прочитано 511 раз